Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа Ника Мачутаӡеи Натои Ростоми Чхеиӡеааи афракциа  «Амилаҭтә ҵысра» иалҵит
Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа Ника Мачутаӡеи Натои Ростоми Чхеиӡеааи афракциа  «Амилаҭтә ҵысра» иалҵит

Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа Ника Мачутаӡеи Натои Ростоми Чхеиӡеааи афракциа  «Амилаҭтә ҵысра» иалҵит. Ника Мачутаӡе ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла апарламентаҿ имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Мачутаӡе иҳәамҭала, ари аӡбра рыдыркылеит Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа ралхразы имҩаҧгаз абжьыҭираан иҟалаз  «аилибамкаара» амшала.  Мачутаӡе иажәақәа рыла, аоппозициатә депутатцәа ишыдрыруаз ала, апарламенттә оппозициеи анапхгаратә партиеи Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа ралхра иадҳәаланы аконсенсус еиуеиҧшым амодельқәа ирылацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, абжьыҭира иалахәыз адепутатцәа ирыздырӡомызт аоппозициа акандидатцәа ишрыдымгыло азы ишеиқәшаҳаҭхаз.

Иахьа апарламент алахәылацәа Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак хҩык алахәылацәа алырхит. Азакәан инақәыршәаны, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла иалхразы, акандидат  90 иреиҵамкәа абжьқәа иоуроуп, убри аҟынтә, апарламенттә аиҳареи, иара убас, аиҵарагьы рбыжьқәа аҭахын.