Қырҭтәыла апарламент аԥҳьа гәыԥҩык акциа алахәылацәа аанхеит
Қырҭтәыла апарламент аԥҳьа гәыԥҩык акциа алахәылацәа аанхеит

Қырҭтәыла апарламент аԥҳьа гәыԥҩык акциа алахәылацәа аанхеит.

Апарламент иаҵанакуа аҵакырадгьыл аҿы акциа аҿагыларатә акциа анымҩаԥысуаз аҭагылазаашьа цәгьахеит апленартә аилатәара анхыркәшаха, гәыԥҩык акциа алахәылацәа апарламент аҩналарҭахь аниас ашьҭахь. Акциа алахәылацәа аҩналарҭа аблокирра рҭахын, аха азакәанхьчаҩцәа ари азин рырымҭеит. Апарламент апленартә аилатәараҿ актәи аԥхьарала рыдыркылеит Жәлар рымч  “Атәымтә нырра алабҿабара” иазкә рзакәанпроект.

Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра иаҵанакәа агәыԥ ҷыда ахаҭарнакцәа акциа алахәылацәа џьоукы ааныркылеит.

Русҭавели имҩаду аҿы азакәанхьчаҩцәа аанхоит.