Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика  азыҧҵәа ишыҟаз еиҧш ааннажьит  - 8,0%
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика  азыҧҵәа ишыҟаз еиҧш ааннажьит  - 8,0%

2024 шықәса ҧхынҷкәын 18  рзы имҩаҧгаз Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политиказы акомитет аилатәараҿы ишырыӡбаз ала, амонетатә политика азыҧҵәа ишыҟаз еиҧш иаанхоит. Уажәазы амонетатә политкиа азыҧҵәа  8,0% иаҟароуп.

Аинфлиациа арбага лаҟәып. Сынтәа абҵаразы ахәқәа шьҭыҵит  1,3%-ла, абазатә инфлиациа  1,6% иаҟароуп.

Аинфлиациатә шәарҭарақәа анагӡара рмоур, иҧсыҽхар, Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа хәыҷы-хәыҷла аларҟәра нанагӡоит анеитралтә аҩаӡаранӡа, уажәазы анеитралтә аҩаӡара  7% иаҟароуп.  Аха, аинфлиациа азҳара иалагар, амонетатә политика иаҳа иџьбарахар ауеит.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк еиҧҟьарада аекономикатә процессқәа ирыцклаҧшуеит, ахәқәа рҭышәынтәалара аиқәыршәаразы рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы рхы иадырхәоит.