Қырҭтәыла Амилаҭтә банк  - «Абанк ВТБ Џьорџьиа»  аусура нанагӡоит, уи ахархәаҩцәа ринтересқәа ихьчоуп
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк  - «Абанк ВТБ Џьорџьиа»  аусура нанагӡоит, уи ахархәаҩцәа ринтересқәа ихьчоуп

Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Америкеи, Британиа Дуи,  Евроеидгылеи, егьырҭ атәылақәеи Урыстәыла афинанстә системазы асанкциақәа шьақәдыргылеит. Асанкциа рыдкьыслеит  «Абанк  ВТБ»-и уи алахәыла  «Абанк  ВТБ Џьорџьиа»-и.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациала, асанкциақәа рымшала, урыстәылатәи абанкқәа адоллари, еврои, афунт стерлинги, егьырҭ авалиутақәеи рыла афинанстә операциақәа рзымҩаҧыргом.

«Апотенциалтә шәарҭарақәа раҧыхра амзызла, Қырҭтәыла Амилаҭтә банки  «Абанк  ВТБ Џьорџьиеи» заанаҵы аплан еиқәыдыршәеит.  «Абанк ВТБ Џьорџьиа»  аусура нанагӡоит, уи ахархәаҩцәа ринтересқәа ихьчоуп», — иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациаҿы.