Қырҭтәыла Алмереҿ аиааира агеит - Адунеи ачемпионат аҟынӡа шьаҿак  аанхеит #1TVSPORT
Қырҭтәыла Алмереҿ аиааира агеит - Адунеи ачемпионат аҟынӡа шьаҿак аанхеит #1TVSPORT

Алмере ақалақьаҿ  амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга Нидерланды аизга ирҧылеит. Қырҭтәыла Алмереҿ 88:80 ҳәа аиааира агеит. Ҳаспортсменцәа Адунеи ачемпионат аҟынӡа шьаҿак рзаанхеит.

Ари аматч Адунеи ачемпионат аквалификациатә тураҿ иаанхаз 2 матчк руакын,  Қырҭтәыла аизгазы ари аматч ахадаратә ҵакы аман. 2023 шықәсатәи Адунеи ачемпионат аҽалархәразы, ақырҭуа ахәмарҩцәа Нидерланды анеҩс,  Қарҭ Исландиа аизгеи ириааироуп.  Уи рзыҟамҵар, ақырҭуа амҵәышәампыласҩцәа Адунеи ачемпионатаҿ рылахәызаара  рыҿагылаҩцәа рматчқәа рылҵшәақәа ирхьыҧшызаауеит.