Қырҭтәыла аизга Евробаскет  плеи-офф ашҟа ииасит
Қырҭтәыла аизга Евробаскет  плеи-офф ашҟа ииасит

Амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла аизга Евробаскет агәыҧтә етап аҵыхәтәантәи атураҿ Босниеи Герцеговинеи аҟны иаҵахеит, аха, уезгьы, афинал  1/8 ахь аиасра ашанс аман. Убри азыҳәан агәыҧ аҵыхәтәантәи аматч аҿы Бырзентәыла  Испаниа иаиааир акәын.

Убасҵәҟьа иҟалеит: иуадаҩӡаз аматч аҿы Бырзентәыла,  90:86 ҳәа Испаниа иаиааит, Қырҭтәыла аизга, аҭоурыхаҿ ихынтәны, аҩбатәи аетапахь ииасит.

Афинал 1/8 аҿы ақырҭуа  команда  Франциа аизга иацлабуеит. Аматч мҩаҧысуеит цәыббра 7 рзы, қарҭтәи аамҭала асааҭ 16:15 рзы.  Ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла актәи аканалаҿ.