Қырҭтәыла аизга Венесуела иацлабуеит Адунеи ачемпионат агәыҧ аматч хадаҿы  - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT
Қырҭтәыла аизга Венесуела иацлабуеит Адунеи ачемпионат агәыҧ аматч хадаҿы  - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT

Иахьа амҵәышәампыл азы  Қырҭтәыла амилаҭтә аизга  аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа зҵакы дуу аматч мҩаҧнагоит. Илиас Зурос иазыҟаиҵо акоманда Венесуела аизга иацлабуеит. Ақырҭуа  амҵәышәампыласҩцәа аиааира ргар, Адунеи ачемпионат анеҩстәи аетапахь ииасуеит. Қырҭтәылеи Венесуелеи рматч иалагоит қарҭтәи аамҭала асааҭ  12:00 рзы. Аматч мҩаҧысуеит иапониатәи ақалақь Окинава. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Иахьа Қырҭтәыла аизга аиааира агар, аҩбатәи агәыҧтә етапахь ииасуеит. Ари аетапаҿ Қырҭтәыла аизга  Германтәыла иацлабуеит.  Қырҭтәылеи Германтәылеи  реиҧылара ашьҭахь еилкаахоит ақырҭуа аизга Адунеи ачемпионат афинал аҧшьбараҿы ахәмарра алшоу алымшоу.