Амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла аизга азыҟаиҵоит  Алеқсандр Ӡикич
Амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла аизга азыҟаиҵоит  Алеқсандр Ӡикич

Амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла аизга азыҟаиҵоит  сербиатәи аспециалист Алеқсандр Ӡикич.

52 шықәса зхыҵуа аспециалист  2023 шықәсазы Израиль алига иреиҕьу азыҟаҵаҩс дазхаҵан,  иара иерусалимтәи «Хапоеле» иазыҟаиҵон, аха, мышқәак раҧхьа ари аклуб ааныжьны, Қырҭтәыла аизга мацара иазыҟаиҵоит.

Қырҭтәыла аизга ҧасатәи азыҟаҵаҩ Илиас Зурос  иеиқәшаҳаҭра аҿҳәара нҵәеит, убри аҟынтә, аизга азыҟаҵаҩ иҭыҧ ҭацәын.

Қырҭтәыла аизгаҿы Алеқсандр Ӡикич ицхраауеит Анатоли Боисеи  Манучар Маркоишвилии.  Боиса —  Қырҭтәыла суперлига аҿы  аклуб  «Русҭави» азыҟаҵаҩ хада иоуп.   Маркоишвили —  Евролига аклуб «Монако» аҿы  Саша Обрадович дицхраауеит.