Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи еицыҟарҵаз ажәалагала ашьаҭала, атәыла ахада амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизгеи афедерациа анапхгареи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит 
Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи еицыҟарҵаз ажәалагала ашьаҭала, атәыла ахада амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизгеи афедерациа анапхгареи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит 

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии еицыҟарҵаз ажәалагала ашьаҭала, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәылацәа  аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит.

Апрезиденттә аханаҿ имҩаҧгаз анашьамҭаҭара ацеремониаҿы аиҳабыра рнапхгаҩы  ақырҭуа амҵәышәампыласҩцәа рыхмеигӡареи рпатриотизми азгәаҭаны, ақәҿира дуқәа рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

„Ҳара, ақырҭуаа, агәырҵҟәыл ду ҳалоуп. Ари агәырҵҟәыл аспортаҿ ҷыдала иаарҧшуп, аха, агәырҵҟәыл инаваргыланы, ҳаҷкәынцәа рыхмеигӡареи, аџьаус абзиабареи, рпатриотизми ракәымзҭгьы, изакәызаалак қәҿиарак зыҟаломызт. Ҳтәыла ахьӡи аҳаҭыри рыхьчара ҳаналацәажәо ақырҭуа хаҵа ихы шымҩаҧигаша ҳшәырбоит, ари аганахьала шәҿырҧшыгоуп.  Акаҧдан ароль ҷыда наигӡоит. Иахьа Ҭорнике Шенгелиа абра дҳацуп, Адунеи ачемпионатахь ҳанҭыҵуаз, иара хәымш зны Италиа дыхәмаруан, анеҩс, Исландиаҟа дыҧрит, ари аамҭа аҩныҵҟа Болониа дыхәмарит, убри аамышьҭахь ахадаратә ҵакы змам ахәмарразы Қарҭҟа дааит.  Иара Адунеи ачемпионат аҽалархәра алшара ҳазҭаз аиааираҿы алагала дуӡӡа ҟаиҵеит, шәара шәызынтәгьы абасоуп шәшыҟоу.. Акаҧдан аҵакы ҷыда ианашьоуп, аха, шәызынтәгьы ҷыдала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.  

Аҧыза-министр аспорттә инфраструктура аҿиара ахырхарҭала аиҳабыра ирымоу апланқәа дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа амҵәышәампыласҩцәа, рықәҿиарақәа рыла,  изҩыдоу аҧсҭазаара аганахьала аҿар аҿырҧштәы бзиа ддырбоит.  

„Ақырҭуа амҵәышәампыл иаиуз ақәҿиара ҷыдақәа  ахәыҷқәеи аҿари гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, изҩыдоу аҧсҭазаара аҵас иаҳа иазҿлымҳахеит. Ҳаиҳабыра уи азыҳәан аҭагылазаашьақәа зегьы рзеиқәыршәара ируалуп. Аинфраструктура аҿиара азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азаауеит, изҭаху ахәыҷқәа зегьы амҵәышәампыласра алагара рылшароуп, уи еиҧш алшара раҳҭароуп. Ҳаҧхьаҟа зҵакы дуу атурнир ҳзыҧшуп, Евробаскетахь идәықәло ҳгәыҧ даараӡа иҕәҕәоуп, ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьасшьар сҭахуп. Ҳара ҳшәыдгылоуп“, – иҳәеит аҧыза-министр амҵәышәампыласҩцәа рахь ихы рханы.  

Қырҭтәылазы аиааира агараҿы алагала ҷыда азыҳәан Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳамҭа  – Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аиааира аорден ранашьоуп Қырҭтәыла  амҵәышәампыл азы амилаҭтә аизга алахәылацәа  – Гьаргь Шермадини Ҭорнике Шенгелиеи. Атәыла ахада Аҳаҭыртә орденқәа ранеишьеит Қырҭтәыла амҵәышәампыл азы амилаҭтә аизга алахәылацәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Амҵәышәампыл азы амилаҭтә федерациа ахада Виктор Саникиӡеи авице-ахадацәеи  – Владимир Боисеи, Николоз Цқьитишвилии, Давиҭ Саҟварелиӡеи, иара убас,  – афедерациа амаӡаныҟәгаҩ хада Лаша Гамҟрелиӡеи. Аҳаҭыртә медальқәа роуит Амҵәышәампыл азы амилаҭтә федерациа аигақәа рменеџьерцәеи, рҳақьымцәеи, афедерациа администрациа ахаҭарнакцәеи.