Ақырҭуа аҳәса-апараҳәеилышьцәа адунеи ачемпионатаҿ акомандатә аицлабрақәа рҿы аџьазтә медаль ргеит
Ақырҭуа аҳәса-апараҳәеилышьцәа адунеи ачемпионатаҿ акомандатә аицлабрақәа рҿы аџьазтә медаль ргеит

Ақырҭуа аҳәса-апараҳәеилышьцәа Аладатәи Кореиа имҩаҧысуа адунеи ачемпионатаҿ акомандатә аицлабрақәа рҿы аџьазтә медаль ргеит. Ахҧатәи аҭыҧ азықәҵараҿы ақырҭуа спортсменцәа  45:42 ҳәа Украина аизга иаиааит.

Акомандатә аицлабрақәа рҿы иқәгылеит  Ирма Хецуриании, Нина Тибилашвилии  Гванца Задишвилии.

Қырҭтәыла аҳәса реизга ари ачемпионат аҿы аџьазтә 2 медальк аиуит.