Қырҭтәыла Актәи аканал  «Арҿиаратә аҳәса рыҧхьаӡацтә цәыргақәҵа амчыбжь» адгыларазы анашьамҭа аиуит
Қырҭтәыла Актәи аканал  «Арҿиаратә аҳәса рыҧхьаӡацтә цәыргақәҵа амчыбжь» адгыларазы анашьамҭа аиуит

Қырҭтәыла Актәи аканал  «Арҿиаратә аҳәса рыҧхьаӡацтә цәыргақәҵа амчыбжь» адгыларазы анашьамҭа аиуит. Ари аинициатива арҿиаратә аҳәса рыдгылареи аекономикатә ганахьала рырҕәәҕареи иазкуп. Апроект апартниорцәа роуп: Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭареи, Қарҭ ахадареи, Қырҭтәыла иҟоу Нидерланды ацҳаражәҳәарҭеи, Қырҭтәыла иҟоу Европа арҿиаратә биурои.

«Ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп арҿиаратә уааҧсыра рыдгылара, аха, иаҳа аҵакы амоуп аҳәса-асахьаҭыхҩцәа рыцхраареи рекономикатә алшарақәа рырҕәҕәареи», — илҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара амедиа-директор  Русудан Манџьҕалаӡе.

Қырҭтәыла иҟоу Нидерланды ацҳаражәҳәаҩ  Мааике ван Колдам ишылҳаз ала,  амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәырган агәырҵҟәыл ду злоу шәҩыла аҳәса русумҭақәа.

«Апроект хықәкыс иамоуп апрофессионалцәеи, иара убас, абзиабаҩцәеи рылшарақәа реизырҳара, дара аекономикатә ганахьала азҳареи аҭыҧантәи аҩаӡараҿгьы аҳәаанырцәгьы аимадарақәа рырҭбаареи  рылшарц азыҳәан», — илҳәеит адипломат  Мааике ван Колдам.