Қырҭтәыла акоронавирус 5739 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2082-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәылa aкоронaвирус 5739 aфaкт ҿыцқәa aaрҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауаажәларратә гәабзиарахьчаразы амилаҭтә центр.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa ачымазара иалҵит 2082-ҩык aпaциентцәa, иԥсит 36-ҩык.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 56 555 атестқәа: 42 546 – антиген азы, PCR – 14 009.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 10,15%, иҳаҩсыз 14 мштәи –8,64%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 9,12%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 670552–ҩык, урҭ рҟынтә 616937-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 9546-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1920934 -ҩык, ҽнакала – 6203-ҩык.