Қырҭтәыла акоронавирус 4 610 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 624-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәылa aкоронaвирус 4 610 aфaкт ҿыцқәa aaрҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауаажәларратә гәабзиарахьчаразы амилаҭтә центр.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa ачымазара иалҵит 2 624–ҩык aпaциентцәa, иԥсит 42-ҩык.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 55 815 атестқәа: 31 603 – антиген азы, PCR – 24 212.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 8,26%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 8,96%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 8,82%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 715 865 –ҩык, урҭ рҟынтә 655 129-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 10 003 -ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1 974 521-ҩык, ҽнакала – 4 151-ҩык.