Қырҭтәыла акоронавирус 2141 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 5081-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәылa aкоронaвирус 2141 aфaкт ҿыцқәa aaрҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауаажәларратә гәабзиарахьчаразы амилаҭтә центр.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa ачымазара иалҵит 5081–ҩык aпaциентцәa, иԥсит 44-ҩык.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 19 886 атестқәа: 12 025 – антиген азы, PCR – 7861.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 10.77%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 8,94%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 8,83%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 721338 –ҩык, урҭ рҟынтә 665 559-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 10 089 -ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1 978 857-ҩык, ҽнакала – 1402-ҩык.