Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Израильтәи ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Израильтәи ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтыла Апатриархиа.

Аиҧылара мҩаҧган ацҳаражәҳәаҩ линициативала.

«Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҳмилаҭқәа ирыбжьоу ашәышықәсарацәалатәи аешьаратә еизыҟазаашьақәа. Иара убас, Ҳадас Меицад   Ааигәатә Мрагылараҿ аҭагылазаашьа далацәажәан, инарҭбаау аинформациа рылҭеит жьҭаара  7 рзы иҟалаз атеррористтә жәылара иазкны. Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Израиль ауаа рҭахареи рымҵарсреи игәы ишалсыз азгәаҭаны, иҭахаз ауаа руацәа дрыдашшылеит. Апатриарх ишиҳәаз ала, ҳуахәама аҭынчреи атҟәацәа рхақәиҭтәреи азы иныҳәоит. Израиль ахада Ҳадас Меицад Апатриарх ари адкыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, Қырҭтәыла Апатриархи ақырҭуа уахәамеи ҷыдала ҳаҭыр шрықәылҵо азгәалҭеит», — иануп адырраҿы.