Илиа II - Ҳгәылара, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра ҳгәы ҳнархьоит, уаҟа уаҩ иимбац агыгшәыгратә фактқәа мҩаҧысуеит
«Атәылақәа реибашьра арыцҳара ду ахылҵуеит, арҭ аибашьрақәа ирылаӡоит зқьҩыла ауааҧсыра, азакәанқәа зегьы, амораль, апринципқәа зегьы еиларгоит, агәымбылџьбара дуи ацәымҕреи иҟоуп, ҳәарада, адоуҳатә ганахьала абри зегьы алҵшәа цәгьа ахылҵуеит», – иҳәоуп Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Мшаҧытәи иепистоль аҿы.
Илиа II ишазгәеиҭаз ала, ҳгәылара, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра ҳгәы ҳнархьоит, уаҟа уаҩ иимбац агыгшәыгратә фактқәа мҩаҧысуеит.
«Уаҵәы иҟало ҳаздырӡом. Апроцессқәа хыркәшахар ауеит, мамзаргьы, кыраамҭалатәи аиҿагыларашҟа ииасуеит, усҟан ҳазынтәгьы аглобалтә рыцҳара ҳҭагылоит, ҳара ҳазынтәгьы убри ҳацәшәоит.
Аха, ҳара иҳхамшҭроуп Ҳазшаз изныкымкәа ауаатәыҩсара шеиқәирхахьаз; ҳара ауаҩра ҳцәымӡроуп, Анцәа игәрагара ҳцәымӡроуп — абри ауп ихадоу», — иануп Аепистоль аҿы.