Қырҭтәыла аиҳабыра - Қырҭтәыла анапхгара азини алшареи рымоуп Лиетувеи Естони ирыдыркылаз, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара иаҿагыланы, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц. Аха, Лиетувеи Естониеи руааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, абри аҩыза ашьаҿақәа рыҟаҵара иахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит
Қырҭтәыла аиҳабыра - Қырҭтәыла анапхгара азини алшареи рымоуп Лиетувеи Естони ирыдыркылаз, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара иаҿагыланы, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц. Аха, Лиетувеи Естониеи руааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, абри аҩыза ашьаҿақәа рыҟаҵара иахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит

Қырҭтәыла анапхгара азини алшареи рымоуп Лиетувеи Естони ирыдыркылаз, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара иаҿагыланы, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц. Аха, Лиетувеи Естониеи руааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, абри аҩыза ашьаҿақәа рыҟаҵара иахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит, – иануп Қырҭтәыла аиҳабыра аладырҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Ишдыру еиҧш, Лиетувеи Естониеи реиҳабырақәа Қырҭтәыла анапхгара ҩажәаҩык раҟара ахаҭарнакцәа, урҭ рыбжьара – Қырҭтәыла аҧыза-министргьы, асанкциақәа рзышьақәыргылара иазкны аӡбара рыдыркылеит.  

Қырҭтәыла анапхгара азини алшареи рымоуп Лиетувеи Естони ирыдыркылаз, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара иаҿагыланы, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц. Аха, Лиетувеи Естониеи руааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, абри аҩыза ашьаҿақәа рыҟаҵара иахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳара, аҩ-ҳәынҭқаррак рҟны ганкалатәи аиҩызаратә режимаҿ ҳаанхарц ҳаӡбеит, избанзар, ҳара ҳган аҟынтә, ақырҭуааи, аестонцәеи, алитовцәеи ртрадициатә аиҩызаратә  еизыҟазаашьақәа ҧырхага роур ҳҭахым. 

Ишдыру еиҧш, иахьазы, Естониеи Лиетувеи, Евроеидгыла амасштабла, зегьы реиҳа зхьыҧшымра ҧку ҳәынҭқаррақәоуп, арҭ аҳәынҭқаррақәа рнапхгара рхатә милаҭтә интересқәа ирышьашәаланы акәымкәа, атәым тәылақәа радминистрациа ирыдырҵо адҵақәа нарыгӡоит. Убри азоуп арҭ аҳәынҭқаррақәа реиҳабырақәа, рхатә аҳаҭыр иаҿагыло ашьаҿақәа рыҟаҵара зрықәшәаз. Рыцҳарас иҟалаз, 33 шықәса рыҩныҵҟа ахьыҧшымра шрымоугьы, Лиетувеи Естониеи рнапхгара иахьагьы асоветтә менталитет изалымҵит.  

Аиҩызарала ҳаззыҟоу Естониеи Лиетувеи руааҧсыра рхьыҧшымра арҕәҕәара рзеиҕьаҳшьоит, иара убас,  2025  шықәсазы бзиарас иҟоу зегьы рзеиҕьаҳшьоит!“, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Естониа иҵегьы 14-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Лиетувагьы 17-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭгьы дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе