Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр ихаҭыҧуаҩ дааныркылеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр ихаҭыҧуаҩ дааныркылеит

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр ихаҭыҧуаҩ  дааныркылеит. Аминистрра адыррақәа рыла, ари аус  2023 шықәсазы гәыҧҩык рыла,  заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала,  Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аҧара рацәа аныхра афакт иадҳәалоуп.

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Антикоррупциатә агентра аусзуҩцәа имҩаҧыргаз аоперативтә усмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны,  аӡбара ақәҵара ашьаҭала,  иаанкылоуп  Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ  Г. Х., ари аминистрра Аахәарақәа рзы адепартамент ҧасатәи аиҳабы  В. Г.,  иара убас,  усҟантәи атәылахьчара аминистр иуа гәакьа В. М.», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.

Аминистрра адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа,  заанаҵы еиқәыршәаны инарыгӡаз аплан амшала,    аҳәынҭқарра  1 333 728 лари азарал аиуит.

Ари ацәгьауразы  7 шықәса инаркны  11 шықәсаӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.