Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Украина ацхаражәҳәарҭа ахаҭарнак агәынамӡара изаарҧшын "Georgian Airways" иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирыдҳәаланы, ақырҭуа аган ргәаанагарала, арҭ асанкциақәа шьаҭа рыҵам
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак иҟны аиҧылара мҩаҧган.
Аминистрра адыррала, ари аиҧылара Украина анапхгара авиаеилахәыра «Georgian Airways» иазышьақәдыргылаз асанкциақәа ирызкын.
«Аиҧылараҿы Украина ацхаражәҳәарҭа ахаҭарнак агәынамӡара изаарҧшын “Georgian Airways” иазышьақәыргылоу асанкциақәа ирыдҳәаланы, ақырҭуа аган ргәаанагарала, арҭ асанкциақәа шьаҭа рыҵам. Ақырҭуа аган ари азҵаара иадҳәаланы украинатәи аган рҟынтә аилыркаарақәа иаҳәоит.
Асанкциақәа ирыдҳәаланы агәынамӡара ааирҧшит Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩгьы», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.