Қарҭ ахадара астудентцәа аҧара рзоушьҭразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Қарҭ ахадара астудентцәа аҧара рзоушьҭразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

Қарҭ ахадара  2024-2025 аҵаратә ашықәс ааҧынратә семестр ахәҧса ашәаразы астудентцәа аҧара рзоушьҭразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари атәы ааицҳаит Қарҭ аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, афинансыркра роуеит социалла ихьчам ауааҧсыреи, ахылҵ рацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа рылахәылацәеи, зылшарақәа маҷу астудентцәеи», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧаратә цхыраара роуеит 5000ҩык астудентцәа.

Арзаҳалқәа рыдыркылоит лаҵара 31-нӡа.