Қарҭ ауааҧсыра абылтә ахә ацлара иадҳәаланы апротест ҟарҵеит
Қарҭ ауааҧсыра абылтә ахә ацлара иадҳәаланы апротест ҟарҵеит

Қарҭ имҩаҧысуа акциа алахәылацәа абылтәы ахә ацлара иадҳәаланы апротест ҟарҵеит. Ауаа Ареспублика ашҭаҿ еизан, шьапыла парламентахь идәықәлеит.

Атәылауаа рҳәамҭала, атәылаҿы абылтәы ахә зеиҧшҟамлац ала ишьҭыҵит, убри аҟынтә, аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп. Лымкаала, акциа алахәылацәа акциз аҧыхра иаҳәоит, дара ражәақәа рыла, убри ала абылтәы ахә армаҷра рылшоит.