Путин Урыстәылеи Қырҭтәылеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рҳәаа адемаркациеи аделимитациеи азҵааразы ахаҭарнак ҷыда дықәиргылеит
Путин Урыстәылеи Қырҭтәылеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рҳәаа адемаркациеи аделимитациеи азҵааразы ахаҭарнак ҷыда дықәиргылеит

 

Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылеи  Қырҭтәылеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рҳәаа адемаркациеи аделимитациеи азҵааразы ихаҭарнак ҷыдас дықәиргылеит Михаил Петраков.

«Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ Михаил Петраков Урыстәылатәи афедерациа ахада Владмир Путин ихаҭарнак ҷыдас дықәыргылоуп Урыстәыла аҳәааи уи иаҧну  — Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа реиҩызара иалахәы  аҳәынҭқаррақәа рҳәаақәеи адемаркациеи аделимитациеи азҵааразы, иара убас, иара инапы иануп  Урыстәылеи Аҧснытәи ареспубликеи, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаҧстәыла ареспубликеи рҳәаақәа  адемаркациеи аделимитациеи азҵаарагьы», — иануп Путин идҵа аҟны.