Ҧхынгәы  8 азы Урыстәыла  Киев  аганахьала имҩаԥнагаз аракетатә жәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 34ҩык  рҟынӡа  инаӡеит
Ҧхынгәы  8 азы Урыстәыла  Киев  аганахьала имҩаԥнагаз аракетатә жәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 34ҩык  рҟынӡа  инаӡеит

Украинатәи аинформациатә хархәагақәа изларҳәо ала, аурыс арбџьармчқәа хықәкыла  ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаахеит, уаҟа ҩыџьа ҭахеит. Аԥжәара иахҟьаны Киев Шевченковтәи араион аҿы иҟоу ахыбра хәҭак ибгеит, уаагьы 13ҩык ҭахеит. Уааҵәҟьа иҟоу ааглыхратә обиект аахара аан даҽа ҩыџьа ҭахеит.

Абизнес-центр Домино аахара амшала быжьҩык ҭахеит. Аурыс аракетатә жәылара  иахҟьаны АДОНИС аклиника хәҭак абгара амшала  жәаҩык  ҭахеит.