Паата Имнаӡе ишиҳәаз ала, акоронавирус аштамм ҿыц ҿызкааз ахаҵа иҟны аимадара змаз ауааҧсыра зегьы еилкаауп
Паата Имнаӡе ишиҳәаз ала, акоронавирус аштамм ҿыц ҿызкааз ахаҵа иҟны аимадара змаз ауааҧсыра зегьы еилкаауп

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе ишиҳәаз ала, акоронавирус аштамм ҿыц ҿызкааз ахаҵа иҟны аимадара змаз ауааҧсыра зегьы еилкаауп.

Имнаӡе иҳәамҭала, ачымазаҩ хар имам, аҽыҧхьакраҿы дыҟоуп.

Иара убас, Имнаӡе ишазгәеиҭаз ала, аштамм ҿыц уаажәраанӡагьы аларҵәара змоу акоронавирус ахкҿыц аҵкыс ишәарҭам, аха иаҳа ирласны аларҵәара иаҿуп.

«Сара еиҭах ауааҧсыра зегьы срыҳәоит адистанциа рыхьчаларц, избанзар ҧасатәи аума, аҿыц аума, акоронавирус ахкқәа зегьы рҽацәыхьчаразы хархәагак ауп иҟоу – адистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи», — иҳәеит Паата Имнаӡе.

Иахьа Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц аҿкаара раҧхьатәи афакт аарҧшын.