Паата Имнаӡе  - Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп
Паата Имнаӡе  - Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп,  аха,  лаҵара актәи азбжазы  ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара ацымлар, аҧхынразы аҭагылазаашьа еиҕьхоит.

Иара убас, Имнаӡе ишиҳәаз ала, авакцинациа апроцесс қәҿиарала имҩаҧысуеит, иаҳа ирацәаны атәылауаа авакцина ҟарҵап ҳәа дгәыҕуеит.

«Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп. Лаҵара актәи азбжазы авирус ҿызкаауа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара акырӡа иацымлар, аҧхынразы аҭыгылазаашьа еиҕьхоит», — иҳәеит  Паата Имнаӡе.