Ачымазарақәа рхылаҧшра европатәи ацентр  - Акоронавирус аштамм ҿыц  «Омикрон» даараӡа  ишәарҭоуп
Ачымазарақәа рхылаҧшра европатәи ацентр  - Акоронавирус аштамм ҿыц  «Омикрон» даараӡа  ишәарҭоуп

Акоронавирус аштамм ҿыц  «Омикрон» даараӡа  ишәарҭоуп, — ари аҳәамҭа ҟарҵеит  «Ачымазарақәа рхылаҧшра европатәи ацентр» (ECDC) аҿы.

Аиҿкаара адыррала, аштамм ҿыц иаҳа иҕәҕәоуп, иаҳа ирласны аларҵәара иаҿуп.

Аспециалистцәа абарҭ абжьагарақәа ҟарҵоит: аинфекциа ахьаарҧшу аҭыҧқәа рахь амнеира; ковидпациентцәа рыгәҭа атестирра арҭбаареи аимадарақәа рышьақәыргылареи; иара убас, Евроеидгыла атәылақәа, 40 шықәса еиҳаны зхыҵуа ауааҧсыра  авакцина ашьақәырҕәҕәаратә доза рзыҟаҵара алшара иахәаҧшроуп.