Они ахада - Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз азонаҿ аԥшаара ареал ирҭбаауп, аԥшааратә усурақәа мҩаԥысуеит Ҷанҷрахии Риони рӡымҩақәа рҿы
Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз азонаҿ аԥшаара ареал ирҭбаауп, аԥшааратә усурақәа мҩаԥысуеит Ҷанҷрахии Риони рӡымҩақәа рҿы, – иҳәеит Они ахада Серго Хидешели.
Серго Хидешели иажәақәа рыла, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 27-ҩык рҟынӡа, фҩык рыԥшаара иаҿуп.
„Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз азонаҿ аԥшаара ареал ирҭбаауп, аԥшааратә усурақәа мҩаԥысуеит Ҷанҷрахии Риони рӡымҩақәа рҿы. Аусурақәа ирылахәу ауаҩыцыԥхьаӡа, амуниципалитетқәа рхадацә, сколлегацәа ҳадгыларазы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз азонаҿ инагӡоит аинтенсивтә усурақәа“, – иҳәеит Хидешели.