OneRepublic аконцерт азы абилеҭқәа рҭира иалагеит
OneRepublic аконцерт азы абилеҭқәа рҭира иалагеит

OneRepublic аконферт азы абилеҭқәа рҭира иалагеит. Абилеҭқәа раахәара ҟалоит апорталқәа BSA.ge-и TKT.geи рҿы.

Starring Georgia, TBC-и VISA-еи змоу ахаҿқәа:

Visa акартақәа змоу ауааԥсыра рзы абилеҭқәа рыхә  иагхоит -20%.

Visa акартақәа змоу аҵаҩцәеи астудентцәеи рзы II акатегориа абилеҭқәа рыхә  иагхоит -30%;

WM-и Visa-и акартақәа змоу ауааԥсыра рзы VIP  акатегориа абилеҭқәа рыхә иагхоит -30%;

TBC акартақәа змоу ауааԥсыра рзы абилеҭқәа рыхә  иагхоит -15%;

– BSA.ge аҿы ахә агхаӡом“, – иануп BSA  аинформациа аҿы.

Starring Georgia аҳәаақәа ирҭагӡаны  америкатә попбенд OneRepublic аконцертла 2024 шықәса, лаҵара 10 рзы асезон аартхоит Шеквеҭили аҿы. Лаҵара 31  рзы имҩаԥысуеит Scorpion аконцерт, нанҳәа 18 рзы –  Jungle аконцерт.