Starring Georgia – Апланала иарбоу аусмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, сынтәа Қырҭтәыла иаҭаауеит зеиҧшҟамлац ала ирацәаны атуристцәа
Starring Georgia аҳәаақәа ирҭагӡаны, сынтәа Қырҭтәыла иаҭаауеит зеиҧшҟамлац ала ирацәаны атуристцәа. Џьастин Тимберлеик иконцерт абаразы мацараз Қырҭтәыла иаҭаауеит 20 000ҩык раҟара атуристцәа. Ари атәы аанацҳаит Starring Georgia.
Аинформациа ишану ала, аҳәаанырцә инхо амузыка абзиабаҩцәа Џьастин Тимберлеик иконцертқәа мацара ракәымкәа, Starring Georgia аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа егьырҭ агәыҧқәагьы — Guns N’ Roses-и Empire Of The Sun-и рконцертқәа ирызҿлымҳауп.
«Сынтәа арҭ аконцертқәа рахь азҿлымҳара ду аадырҧшит Британиа Дуи, Германтәылеи, Нидерланды, Италиеи, Испаниеи, Франциеи, Швециеи, Хорватиеи, Болгариеи ртәылауаа. Тимберлеик иконцертахь атурист рацәа аауеит, Америкеи Канадеи рҟынтәгьы. Ҧасатәи асоветтә тәылақәа рҟынтәгьы имаҷымкәа ауаа ҳҭаауеит, урҭ рҟынтә сынтәа аҧхьагылара рымоуп Казахстани, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани. Иара убас, ҳтәыла иаҭаауеит Иеиду Араҧатәи Емиратқәеи, Саудтәи Аравиеи, Ҭырқәтәылеи, Катари, Иапониеи, Таиланди, Виетнами, Филиппини рҟынтә амузыка абзиабаҩцәа.
Америкатә асупераеҵәа иконцерт азы 55 000 абилеҭқәа зеиҧшҟамлац ала ирласны, фсааҭк рыла иҭиын. 35 000 раҟара абилеҭқәа аархәеит Қырҭтәыла атәылауаа», — иануп Starring Georgia аинформациаҿы.