Бруно Марс иконцерт ахь абилеҭқәа рыҭира иалагеит
Бруно Марс иконцерт ахь абилеҭқәа рыҭира иалагеит

Жьҭаара 1 азы Starring Georgia аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла даҭаауеит Бруно Марс.

Аконцерт “Динамо аренаҿ” мҩаԥгахоит.

Абилеҭқәа раахәара ҟалоит авебсаитқәа  tkt.gebsa.ge-и, Super App-и ацҵа рҿы. Ахәԥса 125 лари инаркны 1450 лари иаҟароуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, „Black Sea Arena“  Қырҭтәылаҿ иалагоит зымҽхак дуу акампаниа  „Starring Georgia“. Акампаниа хықәкыс иамоуп атәыла аӡыргареи, Қырҭтәыла атуристтәи, аекономикатәи, акультуратәи потенциал арҕәҕәареи. Акампаниа ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, „Black Sea Arena“ асцена адагьы, аконцертқәа мҩаҧысуеит Шеквеҭилии, Қарҭи, егьырҭ алокациақәеи рҿы. Заанаҵы ирылаҳәоуп абарҭ ауснагӡатәқәа:„Nile Rodgers & Chic“ – нанҳәа  5  – „Black Sea Arena“, „FKJ“ – нанҳәа 6 – „Black Sea Arena“,  „Damian Lazarus“ – нанҳәа 10 – „The Social Space“, „The Killers“ -нанҳәа 15 -„Black Sea Arena“, „All Day I Dream“ – нанҳәа 18 – „The Social Space“,  „Imagine Dragons “ – нанҳәа  31 – „Mikheil Meskhi Stadium“.Аплан иарбоу аконцертқәа рзы абилетқәа рыҭира иалагоит мшаҧы 24 инаркны, етапла, авебдаҟьа  -BSA.ge – аҿы,” – иануп аинформациа аҿы.