Акампаниа „Starring Georgia“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла дааауеит Бруно Марс
Акампаниа „Starring Georgia“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла дааауеит Бруно Марс

Жьаара 1 азы, Акампаниа „Starring Georgia“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла дааауеит Бруно Марс. Уи “Динамо аренаҿ” дықәгылоит.

15 Греммии, ԥшь Brit Awards-и змоу ашәаҳәаҩ иҟазара адунеи аҿы даара иргәаԥхоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, „Black Sea Arena“  Қырҭтәылаҿ иалагоит зымҽхак дуу акампаниа  „Starring Georgia“. Акампаниа хықәкыс иамоуп атәыла аӡыргареи, Қырҭтәыла атуристтәи, аекономикатәи, акультуратәи потенциал арҕәҕәареи. Акампаниа ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, „Black Sea Arena“ асцена адагьы, аконцертқәа мҩаҧысуеит Шеквеҭилии, Қарҭи, егьырҭ алокациақәеи рҿы. Заанаҵы ирылаҳәоуп абарҭ ауснагӡатәқәа:„Nile Rodgers & Chic“ – нанҳәа  5  – „Black Sea Arena“, „FKJ“ – нанҳәа 6 – „Black Sea Arena“,  „Damian Lazarus“ – нанҳәа 10 – „The Social Space“, „The Killers“ -нанҳәа 15 -„Black Sea Arena“, „All Day I Dream“ – нанҳәа 18 – „The Social Space“,  „Imagine Dragons “ – нанҳәа  31 – „Mikheil Meskhi Stadium“.Аплан иарбоу аконцертқәа рзы абилетқәа рыҭира иалагоит мшаҧы 24 инаркны, етапла, авебдаҟьа  -BSA.ge – аҿы,” – иануп аинформациа аҿы.