"Блеқ Си Арена" асезон аанартуеит лаҵара  28 рзы, агәыҧ  OneRepublic аконцерт ала
"Блеқ Си Арена" асезон аанартуеит лаҵара  28 рзы, агәыҧ  OneRepublic аконцерт ала

Лаҵара 28 рзы  «Блеқ Си Арена» (Black Sea Arena)  асезон аанартуеит агәыҧ  OneRepublic аконцертла.

Аконцерт азы абилеҭқәа раахәара ҟалоит ажьырныҳәа  28 инаркны, авебдаҟьа  — www.bsa.ge. аҿы.  Абилеҭқәа рыхә  80 лари аҟынтә иалагоит.  Аконцерт аиҿкааҩцәа ишырҳәаз ала, аконцертахь инарышьҭуеит  «апаспорт иаҵәа» змоу ауааҧсыра мацара.

Black Sea Arena —  Кавказ аҿы идуӡӡоу аконцерттә аренеи азкызаара рацәа змоу ақәыҧшылареи ауп. Азал аргылара иалагеит  2008 шықәсазы, афонд  «Қарҭу» аинициативала, аофициалла арена аадыртит  2016 шықәсазы,  Кристина Агилера лконцерт ала.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аконцерттә зал аҿы иқәгылеит жәларбжьаратәи амузыкатә сцена аеҵәақәа: Aerosmith, The Scorpions, Elton John, Robert Plant, Ennio Morricone, Black Eyed Peas, Jessie J и Thirty Seconds to Mars.