Ҧхынгәы 28 рзы  Black Sea Arena асценаҿ иқәгылоит  Massive Attack
Ҧхынгәы 28 рзы  Black Sea Arena асценаҿ иқәгылоит  Massive Attack

Starring Georgia аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҧхынгәы  28 июля рзы Black Sea Arena аҿы имҩаҧысуеит алегендартә британиатә проект  Massive Attack.

Абилеҭқәа рыҭиара иалагоит уаҵәы,  мшаҧы 25 рзы,   TKT.ge. аҿы.

Black Sea Arena аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра,  раҧхьаӡа акәны,   Teardrop, Unfinished Sympathy, Paradise Circus уҳәа,   еицырдыруа акомпозициақәа асценаҿ ираҳар рылшоит .

«Агәыҧ ауснагӡатәқәа лассы-лассы аудиовизуалтә атеатртә ақәыргыларақәа иреиҧшуп,   избанзар,   Massive Attack,  еснагь  рхатә баҩхатәра ареалтә есымшатәи аҧсҭазаара иадырҳәалоит.

Massive Attack  астиль аҿы  еилаҵәоуп  хип-хопи, аелектронтә музыкеи,   даби,  егьырҭ амузыкатә жанрқәеи. Уи абзоурала,  ари агәыҧ адунеи зехьынџьара,  Қырҭтәылагьы,   азгәыбылҩцәа рацәа амоуп», — иануп  Black Sea Arena аинформациаҿы.