Аилахәыра Live Nation Қырҭтәыла аџьармыкьаҿ ицәырҵуеит
Аилахәыра Live Nation Қырҭтәыла аџьармыкьаҿ ицәырҵуеит

2023 шықәсазы Black Sea Arena аҟны иқәҿиараз аусеицура иабзоураны, Live Nation Қырҭтәыла аџьармыкьаҿ ицәырҵуеит.

Black Sea Arena аинформациала, арлахҿыхратә индустриаҿ аԥҳьагыара змоу аилахәыра ибзоураны, Қырҭтәыла ауааԥсыра еицырдыруа анагӡаҩцәа рзыӡырҩра алшара роуиет.

Black Sea Arena аинформациала, Live Nation адунеи арлахҿыхратә индустриаҿ амагнат астатус амоуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, „Black Sea Arena“  Қырҭтәылаҿ мҩаԥган зымҽхак дуу акампаниа  „Starring Georgia“. Акампаниа хықәкыс аман атәыла аӡыргареи, Қырҭтәыла атуристтәи, аекономикатәи, акультуратәи потенциал арҕәҕәареи. Акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡагы Қырҭтәыла аконцертқәа мҩаԥыргеит: Imagine Dragons, Bruno Mars, The Killers, Damian Lazarus, All Day I Dream.