Оливер Варҳеи - Ихарҭәаау азҵаабҕьыц аиура аҽныҵәҟьа Еврокомиссиеи Евроеидгылеи Қырҭтәыла аҳәара иазку аихшьаала  аус адулара иалагеит
Оливер Варҳеи - Ихарҭәаау азҵаабҕьыц аиура аҽныҵәҟьа Еврокомиссиеи Евроеидгылеи Қырҭтәыла аҳәара иазку аихшьаала  аус адулара иалагеит

Европатәи агәыларатә политикеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟны аиԥылара иазкны “Твиттер”аҿы иҩит.

Оливер Варҳеи иажәақәа рыла, ихарҭәаау азҵаабҕьыц аиура аҽныҵәҟьа Еврокомиссиеи Евроеидгылеи Қырҭтәыла аҳәара иазку аихшьаала  аус адулара иалагеит.

“Иахьа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили сиԥылеит. Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз агрессиа алҵшәақәа рырмариаразы, Евроеидгыла адгылара аарԥшра нанагӡоит. ихарҭәаау азҵаабҕьыц аиура аҽныҵәҟьа Еврокомиссиеи Евроеидгылеи Қырҭтәыла аҳәара иазку аихшьаала  аус адулара иалагеит”, – иҩит Варҳеи.