Олаф Шольц – Аиҭасратә аамҭазы ишеилаҳкааз ала, Украинеи Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалалароуп
Олаф Шольц – Аиҭасратә аамҭазы ишеилаҳкааз ала, Украинеи Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалалароуп

«Аиҭасратә аамҭазы ишеилаҳкааз ала, Украинеи Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалалароуп. Ари азҵаараҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Европа Ахеилак, ҷыдала, Венециатәи акомиссиа аҧышәа иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар»,- иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Шольц игәаанагарала, Европа Ахеилак Европаҿ адемократиеи азакәан аиҳаӡареи арҕәҕәаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵароуп.

«Европа Ахеилак Европаҿ адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи,  азакәан аиҳаӡареи арҕәҕәаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵароуп. Иахьа Урыстәылеи Беларуси ҳрыхәаҧшыр, уи ҟалашьа змам усушәа угәы иаанагар ауеит. Аха, Украина иаҿагылоу аурыс агрессиа знымзар-зны ихыркәшахоит. Иахьазы иҳҳәар иҳалшо акоуп, ари аибашьраҿы путинтәи аимпериализм изаиааиуам, избанзар, аҭынчра иаша шьақәгылаанӡа ҳара Украина ҳадгылоит», — иҳәеит  Шольц.