Никол Ҧашиниан Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит
Никол Ҧашиниан Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит

 

Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниан  Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит.

Никол Ҧашиниан иаҵшьны иазгәеиҭеит  Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

„Ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара, зҵакы дуу, аҭакҧхықәра ду зцу амаҵзураҭыҧ аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рмышхәыбзазаразы.

Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәырҕәҕәоуп ҳажәларқәа ирыбжьоу ашәышықәсатәи аимадарақәеи, патуеиқәҵареи, агәреибагареи ала.  Агәра ганы сыҟоуп  Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи русеицура апотенциал инаӡаны ахархәара амзызла, ҳаиҳабырақәа азеиҧш  апрограммақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура шынарыгӡо“, – иануп адныҳәалараҿы.