Никол Ҧашиниан иҳәамҭала, иара инапынҵақәа рышьҭаҵара игәы иҭам
Никол Ҧашиниан иҳәамҭала, иара инапынҵақәа рышьҭаҵара игәы иҭам

Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан инапынҵақәа рышьҭаҵара игәы иҭам.

Шәамахьтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, атәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбра аҧхьа амитинг анымҩаҧысуаз аамҭазы, Никол Ҧашиниан  апартиа «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭра» алахәылацәа еизиган, иҭыҧ шаанимыжьуа реиҳәеит.

Ҟарабахтәи арегионаҿ аиҿагылара аныҟаз, Ереван агәҭаны аиҳабыра ирҿагылаз адемонстрациақәа мҩаҧысуан.

Акциақәа рылахәылацәа Ҧашиниан ихарарҵеит Ашьҭатә Ҟарабах Азербаиџьан аҭара. Ауаа аҧыза-министр иамхра иаҳәеит.