Никол Ҧашиниан - Ҳдоуҳатә хаҿқәа Анцәа иганахьала апроблемақәа рымуп ҳәа сгәы иаанагоит
Сареи адоуҳатә хаҿқәеи ҳабжьара проблемак иҟоума. Ҳдоуҳатә хаҿқәа Анцәа иганахьала апроблемақәа рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Иара убас, Ҧашиниан ишиҳәаз ала, аберцәа рхатә ҧсҭазаара шрымамзаауа азы ҭоуба руеит.
«Афраза «Акаталикос ихатә ҧсҭазаара» изакәызаалак ҵакык аҵам, уи хшыҩдароуп, избанзар, ауаҩы ихатә ҧсҭазаара имазар, иара Каталикосс дзыҟалом», – иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр.
Иара иажәақәа рыла, адоуҳатә хаҿқәа ирызку аинформациа иоуит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.
«Ауахәаматә хаҿқәа, дара рхымҩаҧгашьа амшала, аоперативтә хшыҩзышьҭра аҵаҟа иҟалеит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара ахеилак — аҧыза-министр инапаҵаҟа иҟоу органуп, дара есымша ареспубликаҿы аҭагылазаашьа иазкны аинформациа сырҭоит», — иҳәеит Ҧашиниан.