Никол Ԥашиниан - Шәамахьтәыла аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара мап ацәнакит
Никол Ԥашиниан - Шәамахьтәыла аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара мап ацәнакит

Шәамахьтәыла аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара мап ацәнакит, – иҳәеит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан.

Никол Ԥашиниан иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистр аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара аштаб ахь ацҳамҭа ишьҭит азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иаамҭам ҳәа.

„Азыҟаҵарақәа мҩаԥгахом“, – иҳәеит Ԥашиниан.