Никол Ԥашиниан - Қырҭтәыла, атранзиттә тәылоуп, аенергонесурсқәеи аимадареи ишәарҭам рымҩангара аганахьала  Шәамахьтәылазы аҵак ду амоуп
Никол Ԥашиниан - Қырҭтәыла, атранзиттә тәылоуп, аенергонесурсқәеи аимадареи ишәарҭам рымҩангара аганахьала  Шәамахьтәылазы аҵак ду амоуп

Даара сеигәырӷьоит шәамахьтәыла-қырҭтәылатәи апартниортә аусеицура ӷәӷәа иасимволу ацҳа аартра ауснагӡатә аҿы сахьыҟоу, – иҳәеит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан аӡиас Дебедаҿ автомобилтә амҩа ҿыц аартра ацеремониаҿ данықәгылоз.

Ԥашиниан ишазгәеиҭаз ала, шәамахьтәыла-қырҭтәылатәи ахәаахәҭра-аекономикатәи еизыҟазаашьақәа апотенциал ду рымоуп, ари апотенциал ахархәаразы аусура нагӡатәуп.