Реџьеп Таип Ердоӷани Никол Ԥашиниани Прага аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит
Реџьеп Таип Ердоӷани Никол Ԥашиниани Прага аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷани Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани Прага ҩтәылак рыбжьара еизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵара иазку аиҿцәажәарақәа  мҩаԥыргоит. Ари атәы аанацҳаит CNN.

Ҭырқәтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Чехиа аҳҭнықалақь аҿы Ҭырқәҭәыла ахада иҟны аиԥылара аинициатор Никол Ԥашинаин иоуп.

Жьҭаара 6-7 Чехиа аҳҭнықалақь аҿы Европа аполитикатә аиҩызара актәи аиԥылара мҩаԥысуеит, ари аиԥылара амҩаԥгара иаԥшьгеит Еммануель Макрон.