Илиа Дарчиашвили - Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит
Илиа Дарчиашвили - Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳақан Фидан иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апресскнференциа аҿы.

Илиа Дарчиашвили иажәақәа рыла,  Ҭырқәтәылаҿ ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ихадароу азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

„Иахьа ишиашоу аиҧылареи, анеҩс, ирҭбаау аформатаҿ аиҧылареи ҳаман. Ихадароу азҵаарақәа ҳрыхцәажәеит. Иазгәаҭан зыҩаӡара ҳараку авизитқәа аҵак ҷыда шрымоу. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили визитла Ҭырқәтәыла дыҟоуп. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Илиа Дарчиашвили ҩганкалатәи аиԥылара мҩаԥигеит аҭырқәа иколлега, Ҳақан Фидан иҟны.