Никол Ԥашиниан ԥхынгәы 7 рзы аусуратә визитла Москваҟа ддәықәлоит
Никол Ԥашиниан ԥхынгәы 7 рзы аусуратә визитла Москваҟа ддәықәлоит

Шәамахьтәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Никол Ԥашиниан ԥхынгәы 7 рзы аусуратә визитла Москваҟа ддәықәлоит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥашиниан Урыстәыла ахада Владимир Путин диԥылоит.

Аиԥылараҿ Шәамахьтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу астратегиатә зҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.

Иара убас, аганқәа ирыхәаԥшуеит 2020 шықәса абҵара 9-и 2021 шықәса ажьырныҳәа 11-и рзы ирыбжьарҵаз хганкалатәи адекларациа анагӡареи, Ашьхатә Карабах ауааԥсыреи рзы агуманитартә цхыраара рыҭара азҵаареи.