Нико Қаџьаиа иқәгылара "Ахәыҷтәы Евровизиаҿ" - ақырҭуа конкурсант аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылеит

Қырҭтәыла ахаҭарнак Нико Қаџьаиа  «Ахәыҷтәы Евровизиа» 2021 аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылеит. Уи 163 балл иоуит.

Мальтеи Шәамахьтәылеи ақырҭуа конкурсант 12 балл ианаршьеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал апроект  «Ранина» аиааирагаҩы Нико Қаџьаиа  Гиги Кухианиӡе иашәа  Lets Count The Smiles наигӡеит.

Актәи аҭыԥ аанылкылеит Шәамахьтәыла ахаҭарнак. XIX-тәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс иалахәып  19 ҳәынҭқарра. Сынтәа аконкурс мҩаҧысит  Франциа аҳҭнықалақь Париж.