Ника Мелиа – Уаҵәы Қарҭ ақалақь аҩ-ганк рҿы имҩаҧысуа акциақәа рымшала автомобилтә аиҭаҵра аанкылазаауеит
Ника Мелиа – Уаҵәы Қарҭ ақалақь аҩ-ганк рҿы имҩаҧысуа акциақәа рымшала автомобилтә аиҭаҵра аанкылазаауеит

«Уаҵәы, абҵара 15, асааҭ  15:00 инаркны  17:00-нӡа, Қарҭ, ақалақь аҩ-ганк рҿы, акциақәа рыла автомобилтә мҩақәа аҳаркуеит», — иҩит  Facebook аҿы «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа.

«Сара ибзианы еилыскаауеит ауааҧсыра проблемақәак шрызцәырҵуа, аха, атәыла анапхгара агәҽанҵара раҳҭароуп апротесттә ҵысра есымша ишыҭбахо азы.

Ҳтәыла арыцҳара иақәымшәарц,  атәылауаҩратә аиҿагылара ҟамларц шәҭахызар, уажәы аҩны атәара иаамҭам!

Ауааҧсыра зегьы срыҳәоит  уаҵәы зыӡбахәы ҳәоу аамҭазы амҩақәа рхархәара шрылымшо иазҧхьагәарҭарц. Арежим каҳаанӡа ҳара уи  ҳақәыҕәҕәалароуп, »- иҩит Ника Мелиа.