New York Times адыррала, амҩанызала иҟаҵаз Буча амҩақәа рҭыхымҭақәа рыҭҵаара инақәыршәаны, аҧсыбаҩқәа ақалақь амҩақәа рҿы иҟан хымчыбжь раҧхьагьы
 New York Times адыррала, амҩанызала иҟаҵаз Буча амҩақәа рҭыхымҭақәа рыҭҵаара инақәыршәаны, аҧсыбаҩқәа ақалақь амҩақәа рҿы иҟан хымчыбжь раҧхьагьы

 Аҭыжьымҭа The New York Times амҩанызала иҟаҵаз  Буча амҩақәа рҭыхымҭақәа ҭҵааны, ишышьақәдыргылаз ала, аҧсыбаҩқәа адәахьы ишьҭан хымчыбжь еиҳаны. Убри аҟынтә, Буча аҭынчуаа рышьра афактқәа урыстәылатәи арбџьармчқәа ақалақь ианалҵ ашьҭахь иҟалеит ҳәа Сергеи Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭа ииашам.

Аҭыжьымҭа адыррала, Буча  амҩақәа рҿы аҧсыбаҩқәа убарҭоуп хәажәкыра 11 рзы иҟаҵаз аҭыхымҭақәа рҿгьы.

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Буча ақалақь аҿы иҟарҵаз арратә ацәгьаурақәа иахьа ирылацәажәоит Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҿы.