Ненси Пелоси – Ҳара  ашьха-ҟарабахтәи аимак адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵара ҳадгылоит, Конгресс ахьӡала иазгәасҭар сҭахуп аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иаҧырхагоу ажәыларақәа ҕәҕәала ҳашрықәыӡбо

 Ҳара  ашьха-ҟарабахтәи аимак адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵара ҳадгылоит, илҳәеит Америкатә Конгресс Ахаҭарнакратә палата аспикер Шәамахьтәыла апарламент ахантәаҩы Ален Симониани лареи Ереван еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Ненси Пелоси ишылҳәаз ала, ҩымштәи лвизит ашәарҭадара азҵарақәа ирызкуп.

«Ҳаиҧылара аҵакы ду аман, избанзар ҳара ашәарҭадара азҵаара аҵакы ду анаҳшьоит.  Ҳаиҧыларанӡа Азербаиџьан закәандарала,  Шәамахьтәылазы ажәылара ҕәҕәа мҩаҧнагеит. Ҳара,  ҳделегациа,  Конгресс ахьӡала,  ааҳацҳар ҳҭахуп аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иаҧырхагоу ажәыларақәа ҕәҕәала ҳашрықәыӡбо.   Америка,  Минсктәи агәыҧ аицхантәаҩы ҳасабала,  иааҧҵәаны иаанацҳаит ари аимак арратә мҩала аҭыҧқәҵара шыҟамло.  Ҳара ашьха-ҟарабахтәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара ҳадгылоит.  Уаанӡатәи аиҧыларақәа раан ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Ашьхатә Ҟарабах имҩаҧысуа аимак азы Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани аҭакҧхықәра шрыдаҳҵо», — илҳәеит  Пелоси.