Нато иаҵанакуа жәларбжьаратәи мчқәа рмиссиа Косово иҟоу аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, аҭынчра ашәарҭа иҭагылар, аҽалархәра азыхиоуп
Нато иаҵанакуа жәларбжьаратәи мчқәа рмиссиа Косово иҟоу аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, аҭынчра ашәарҭа иҭагылар, аҽалархәра азыхиоуп

Нато иаҵанакуа жәларбжьаратәи мчқәа рмиссиа Косово иҟоу аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, аҭынчра ашәарҭа иҭагылар, аҽалархәра азыхиоуп, – иануп Нато иаҵанакуа жәларбжьаратәи мчқәа рмиссиа апрессрелиз аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, Косово иҟоу жәларбжьаратәи мчқәа, Косово ауааԥсыра рзы аҭынчреи ишәарҭам аҭагылазаашьеи рыхьчаразы ЕАР амандат есымштәи анагӡара иахылаԥшуеит.

” Приштинеи Белгради рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵара Нато активла иадгылоит,  аганқәа рахь ааԥхьараҟанаҵоит Евроеидгыла абжьаҟазарала аиҽцәажәара нарыгӡарц. Арегион ашәарҭадареи аҭынчреи рзы ари акритикатә ҵакы амоуп. Ауаҩытәыҩса изинқәеи, адемократиатә хәынаӡарақәеи, азакәан аиҳаӡареи, аҩнуқҟатәи ареформақәеи, агәыларатә аизыҟазаашьа бзиақәеи рыда, Балканқәа аԥеиԥш ьзиа аперспектива амаӡам. Косовотәи жәларбжьаратәи мчқәа Косово ишәарҭам аҭагылазаашьа ахьчаразы ирылшо зегь ҟарҵоит”, – иануп апрессрелиз аҿы.

Сербиеи Косовои радминистративтә аиҟәшаратә цәаҳәаҿ ахысбжьи ашәарҭарабжьи гон.