Сербиа, ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥгаз апарламенттәи амуниципалитеттәи алхрқәа рылҵшәақәа раԥыхра аҳәарала иашьҭанеиуа акциа мҩаԥган
Сербиа, ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥгаз апарламенттәи амуниципалитеттәи алхрқәа рылҵшәақәа раԥыхра аҳәарала иашьҭанеиуа акциа мҩаԥган

Сербиа, ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥгаз апарламенттәи амуниципалитеттәи алхрқәа рылҵшәақәа раԥыхра аҳәарала иашьҭанеиуа акциа мҩаԥган, – аанацҳаит “Роитер”.

Аих аинформациала, Белград, ашҭа хадаҿ зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау аҿагыларатә акциа мҩаԥысит.

Амитинг алахәылацәа Сербиа абираҟқәеи “Ҳадаҳкылом” ахьаныз абанерқәеи иркын.

Аҳәынҭқарратә алхратә комиссиа заанаҵтәи адыррақәа рыла, анапхгаратә партиа ԥхынҷкәын 17 рзы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рҿы абжьқәа 46.72% аиуит.

Сербиа имҩаԥгаз изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит атәыла ахаад Александр Вучич ипартиа “Сербиа апрогрессивтә партиа”.  Аоппозициатә партиа хада аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп. “Сербиа апрогрессивтә партиеи”  Александр Вучичи атәыла 2012 шықәса инаркны иахагылоуп.

Аоппозициатә мчы хада анапхгаратә партиа алхратә прогнозқәа ирықәшаҳаҭым.